Германтәыла Киев иазоунашьҭуеит 5 миллиардк евро рыхә арратә цхыраара
Германтәыла Киев иазоунашьҭуеит 5 миллиардк евро рыхә арратә цхыраара. Ари аинформациа аланарҵәеит Германтәыла Атәылахьчара аминистрра.
Иахьа Украина ахада Владимир Зеленски визитла Берлин дыҟан, уаҟа иара Германтәыла аканцлер Фридрих Мерци Германтәыла ахада Франк-Вальтер Штаинмаиери дырҧылеит.
Мерц иҳәамҭала, Германтәыла Украина иацхраауеит хара ихысуа абџьар ааглыхраҿы. Германтәыла Атәылахьчара аминистрра аинформациа ишану ала, зыӡбахәы ҳәоу абџьар Украинаҿ ааглыхра иалагоит 2025 шықәсазы, хара имгакәа украинатәи арбџьармчқәа ари абџьар ахархәара рылшоит.
Иара убас, Германтәыла Украина иацҵаны арратә техника анаҭоит.
Германтәыла Атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла, зыӡбахәы ҳәоу арратә цхыраара инеизакны 5 миллиардк евро иаҧсоуп.