Германтәыла апарламент аднакылаз азакәанпроект хықәкыс иамоуп ахыҵәахырҭа аиуразы мап зырҳәаз ауаа имарианы, ирласны адепортациа рзура
Германтәыла апарламент аднакылаз азакәанпроект хықәкыс иамоуп ахыҵәахырҭа аиуразы мап зырҳәаз ауаа имарианы, ирласны адепортациа рзура

Германтәыла апарламент аднакылаз азакәанпроект хықәкыс амоуп ахыҵәахырҭа аиуразы мап зырҳәаз ауаа имарианы, ирласны адепортациа рзура, – аанацҳаит “Доиче велле”.

Аих аинформациа ала, Германтәыла аканцлер Олаф Шольц икоалициатә аиҳабыра илегалым амиграциа аԥыҟәҟәаара аҭахуп.

Азакәанпроект инақәыршәаны, адепортацианӡа аанкылара аҿҳәара 10 мш ацынхәрас, 28 мш иаҟарахеит. Аимадара амҩаԥгараан, анапхгара рзинқәа ирыцҵоит.