Германтәыла арратә чынуаа реиҿцәажәара анҵамҭа аурыс журналистцәа рнапаҿы иҟалеит, германтәыла ари афакт азы аусеилыргара иалагеит
Германтәыла арратә чынуаа реиҿцәажәара анҵамҭа аурыс журналистцәа рнапаҿы иҟалеит, германтәыла ари афакт азы аусеилыргара иалагеит

Германтәыла аилкаара иаҿуп арратә чынуаа реиҿцәажәара анҵамҭа аурыс журналистцәа рнапаҿы ишыҟалаз.  Ари аус зызку анҵамҭаҿы Германтәыла арратә аҳаиртә мчқәа рнапхгаҩы Инго Герҳардци, аинрал Франк Груфеи,  Бундесвер ҩыџьа аофицарцәеи хара ихысуа аракетақәа „Таурус“ Украина аҭара азҵаара иалацәажәоит.  Анҵамҭаҿы германтәылатәи арратә маҵзуҩцәа ишазгәарҭо ала, арҭ аракетақәа Қрымтәи ацҳа ақәхразы рхы иадырхәар рҭахуп.

Германтәылатәи амедиа адыррала, зыӡбахәы ҳәоу анҵамҭа алалырҵәеит Урыстәыла аҳәынҭқарратә медиахархәага  „Раша ҭудеи“ аредактор хада Маргарита Симониан.

Германтәыла Атәылахьчара аминистрра ари анҵамҭа ахаҭара шьақәнарҕәҕәеит. Ари афакт дахцәажәеит Германтәыла аканцлер Олаф Шольцгьы. Иара ишиҳәаз ала, аусеилыргара иалагахьеит.

Анҵамҭаҿы аиҿцәажәара алахәылак ишазгәеиҭаз ала, Германтәыла аканцлер арҭ аракетақәа Украина аҭара макьана дақәшаҳаҭымхацт.

Ҳазну амчыбжь алагамҭазы Германтәыла аканцлер Олаф Шольц ишааицҳаз ала, хара ихысуа аракетақәа  „Таурус“ Украина иарҭом, избанзар, украинаа дара рхала арҭ аракетақәа рхархәара рылшом, убри амшала,  аканцлер Германтәыла  ари аибашьра аҽаланагалар  ҳәа дшәоит.

Германтәылатәи арратә чынуаа реиҿцәажәара анҵамҭа урыстәылатәи аҳәынҭқарратә медиахархәага аредактор хада лнапаҿы ишыҟалаз макьана идырым. Аиҿцәажәара иалахәыз арратә маҵзуҩцәа руаӡәы усҟан Сингапур дыҟан. Германтәылатәи амедиа адыррала, иара дзыҩназ асасааирҭа аномер аҿы ацәыҵаӡырҩратә аппаратура шьақәыргылазар ҟаларын.

Ари афакт Москвагьы иақәҿырҭит.  Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресспикер  Берлин аилыркаарақәа ҟарҵарц даҳәоит.