Иракли Кобахиӡе визитла Германтәыла ддәықәлеит
Иракли Кобахиӡе визитла Германтәыла ддәықәлеит

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡеаофициалтә визитла Германтәыла Афедеративтә республикаша ддәықәлеит, – аарцҳаит аиҳабыра радминистрациа аҟынтә.

Аусҳәарҭа аинформациа ала, 2024 шықәса мшаԥы 12 рзы Германтәыла Афедеративтә канцлер Олаф Шольц Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе дидикылоит.

Апланқәа ирылоуп ишиашоу аформати ирҭбаау аформати рҿы аиԥыларақәа рымҩаԥгара, аиԥыларақәа рышьҭахь Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡеи Германтәыла Афедеративтә канцлер Олаф Шольци аҳәамҭақәа еицыҟарҵоит.

Аофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны Иракли Кобахиӡе Германтәыла Афедеративтә республика ахада Франк Вальтер Штаинмаиери Германтәыла Афедеративтә республика Бундестаг ахада Бербел Басс дырԥылоит.

Аҧыза-министр анапхгара ззиуа Қырҭтәыла аделегациа иалоуп актәи авице-аҧыза, Атәылахьчара аминистр Иракли Чиқовании, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвилии аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Леван Жоржолиании.