Леван Изориа - Аԥыза-министр ивизит иабзоураны, Германтәыла адгылара ӷәӷәахар ҟалап
Леван Изориа - Аԥыза-министр ивизит иабзоураны, Германтәыла адгылара ӷәӷәахар ҟалап

Қырҭтәыла аԥыза-министр Бриуссель ашьҭахь аофициалтә визитла Берлин идәықәлара аҵак ду амоуп, – иҳәеит Германтәыла иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Леван Изориа.

Изориа иажәақәа рыла, ари авизит атәылақәа ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа рзы иҿыцу импульсхоит.

«Аԥыза-министр аканцдер иканцелиариаҿ арратә ҳаҭырла иԥылоит. Аофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны Иракли Кобахиӡе Германтәыла Афедеративтә канцлер Олаф Шольци, Германтәыла Афедеративтә республика ахада Франк Вальтер Штаинмаиери Германтәыла Афедеративтә республика Бундестаг ахада Бербел Басс дырԥылоит. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Евроинтеграциа амҩаҿ Германтәыла Қырҭтәыла иадгылоу ихадоу тәылақәа иреиуп. Ҳаихыҟазаашьақәа аҩаӡара ҿыц ахь иасып ҳәа ҳгәыӷуеит», — иҳәеит Леван Изориа.