Германтәыла аиҳабыра - Олаф Шольц иаҵшьны иазгәеиҭеит Германтәыла наҟ-наҟгьы Қырҭтәыла ишадгыло Евроеидгылахь аинтеграциа апроцессаҿы, иара Қырҭтәыла аиҳабыра рахь ааҧхьара ҟаиҵеит анеҩстәи амчыбжьқәа рзы зда ҧсыхәа иҟоу ареформақәа рымҩаҧгаразы аусура нарыгӡарц

Германтәыла афедералтә аиҳабыра Германтәыла аканцлер Олаф Шольци Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии реиҧылара иазку аофициалтә информациа аладырҵәеит.

Апресс-релиз ишану ала, Олаф Шольци  Иракли  Ҕарибашвилии  аганрацәалатә усеицура арҭбаареи,  ашәарҭадара азҵаарақәеи,  европатәи аполитикеи,  Украина иаҿагыланы Урыстәыла инанагӡо аибашьра иахылҵуа алҵшәақәеи ирылацәажәеит.

Германтәыла афедералтә аиҳабыра адыррала,  аканцлер иаҵшьны иазгәеиҭеит Германтәыла наҟ-наҟгьы Қырҭтәыла ишадгыло Евроеидгылахь аинтеграциа апроцессаҿы, иара Қырҭтәыла аиҳабыра рахь ааҧхьара ҟаиҵеит анеҩстәи амчыбжьқәа рзы ареформақәа рынагӡаразы иаҭаху ашьаҿақәа ҟарҵарц. Олаф Шольц ишиҳәаз ала, Еврокомиссиа абжьагарақәа акандидат астатус аиуранӡа ицо амҩоуп.

Ашәарҭадара аҭагылазаашьа иадҳәаланы афедералтә канцлер ишазгәеиҭаз ала, Германтәыла наҟ-наҟгьы Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи иадгылоит.  Германтәыла аканцлери Қырҭтәыла аҧыза-министри агәаанагарақәа реиҭныҧсахлареи аимадара ҕәҕәеи азы еиқәшаҳаҭхеит.