Германтәыла ацҳаражәҳәарҭа  Германтәыла Аекономикатә усеицуреи аҿиареи рзы аминистрра Қырҭтәыла иадҳәаланы  иаднакылаз аӡбара иазкны аофициалтә информациа аланарҵәеит
Германтәыла ацҳаражәҳәарҭа  Германтәыла Аекономикатә усеицуреи аҿиареи рзы аминистрра Қырҭтәыла иадҳәаланы  иаднакылаз аӡбара иазкны аофициалтә информациа аланарҵәеит

Қырҭтәыла иҟоу Германтәыла ацҳаражәҳәарҭа Германтәыла аиҳабыра  237 миллион евро ззоурышьҭыз апроектқәа раанкылара иазку аофициалтә информациа аланарҵәеит.

«Германтәыла Аекономикатә усеицуреи аҿиареи рзы афедералтә министрра 237 миллион евро ззоурышьҭыз апроектқәа раанкылара иазку аӡбара аднакылеит. Абри аӡбарала, аминистр  Свениа Шульце Қырҭтәыла аиҳабыра рыла Евроеидгыла азааигәахара ахырхарҭа аҧырхагахареи адемонстрантцәа рганахьала амч ахархәареи иақәҿылҭит.

Иаанкылоу апроектқәа иреиуп Қырҭтәыла  аӡритә  нхамҩа иаҵәа аҿиареи, Баҭым аӡынтә инфраструктура амодернизациеи, атәылаҿ аенергетикатә аҳақәа рырҭбаареи.

Германтәыла аиҳабыра Қырҭтәыла имҩаҧыргоз аҿиара аполитика хықәкыс иаман ари атәыла Евроеидгыла азааигәахара ацхраара. Аха, Қырҭтәыла анапхгара ари ахырхарҭа уаҳа иақәныҟәом. Убри аҟынтә, Германтәыла Аекономикатә усеицуреи аҿиареи рзы афедералтә министрра 237 миллион евро ззоурышьҭыз апроектқәа раанкылара иазку аӡбара аднакылеит.

Аха, Европа иадгыло ауааҧсыра ирыхәаша апроектқәа нагӡахоит. Атәылауаҩратә ауаажәларратә аиҿкаарақәа имҩаҧырго апроектқәа адгылара рымазаауеит. Арҭ апроектқәа иреиуп  аиуристтә консультациақәеи, акибершәарҭадара иазку атренингқәеи, апсихосоциалтә цхыраареи», — иануп адырраҿы.