Германтәыла аиҳабыра, Қырҭтәыла аенергетикатә сектор ареформа ацхрааразы, атәыла иазоурышьҭуеит  27 млн ​​евро
Германтәыла аиҳабыра, Қырҭтәыла аенергетикатә сектор ареформа ацхрааразы, атәыла иазоурышьҭуеит  27 млн ​​евро

Иахьа Қырҭтәылеи Аиҭашьақәыргыларазы акредиттә банки  (KfW)   «Аенергетикатә сектор ареформа ацхраарала аекономика аҭышәынтәалара иазку» аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит, уи инақәыршәаны, Қырҭтәыла,  аенергетика асектор аҿы ареформа амҩаҧгаразы, Германтәыла аиҳабыра рҟынтәи аиуеит  27 миллион  евро. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Афинансқәа рминистрра.

Аусбарҭа адыррала, адокумент рнапы аҵарҩит Қырҭтәыла афинансқәа рминистр Лаша Хуцишвилии Аиҭашьақәыргылара азы акредиттә банк қарҭтәи аофис адиректор  Биргит Холдерид Кресси.

Ауснагӡатә ихы алаирхәит Қырҭтәыла иҟоу Германтәыла ацҳаражәҳәаҩ  Ернст Петер Фишер.