Габриелиус Ландсбергис – 25 шықәса рыҩныҵҟа адипломатиатә мҩала Путин иаанкылара  ҳҽазаҳкуеит, иара ақалақьқәа рықәхра даҿуп
Габриелиус Ландсбергис – 25 шықәса рыҩныҵҟа адипломатиатә мҩала Путин иаанкылара  ҳҽазаҳкуеит, иара ақалақьқәа рықәхра даҿуп

Лиетува адәныҟатәи аусқәа рминистр Габриелиус Ландсбергис иҳәамҭала, мраҭашәаратә дунеи Урыстәыла агрессиа аҿагылара аганахьала иҟанаҵаз аҭоурыхтә агхақәа реиҭаҟаҵара ашәарҭара иҭагылоуп.

Иара иажәақәа рыла, Урыстәыла аимпериалисттә ареваншисттә амбициақәа ишыҟаз еиҧш иаанхеит.

„25 шықәса рыҩныҵҟа адипломатиатә мҩала Путин иаанкылара  ҳҽазаҳкуеит, иара аҳәаақәа реилагареи ақалақьқәа рықәхреи наигӡоит.  2014 шықсазы, Урыстәыла раҧхьаӡа акәны Украина ианажәыла,  ари апроцесс  аанкылан Минсктәи аиқәшаҳаҭрала,  аха, егьырҭ азҵаарақәа зегьы рыӡбара хырҧан.  Урыстәыла аимпериалисттә ареваншисттә амбициақәа ишыҟаз еиҧш иаанхеит.  Анеҩстәи аетапаз  Урыстәыла,  Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи мацара ракәымкәа, НАТО иалоу атәылақәагьы ирҿагылар ауеит.   Ашәарҭара иаҳа-иаҳа иазҳауеит. Агәра ганы сыҟоуп уажәы ҳара Урыстәыла аҵаҳамхар, нас, уи шыҟаҵатәу еилаҳкаанӡа,  аиааира шаҳҭаху азы аӡбара ҳадаҳкылаанӡа, ацәыӡ ду ҳауеит“, – иҩит Лансбергис „Твиттер“ аҿы.