Гьаргь  Шарвашиӡе  - Атәыла ахада Михаил Ҟавелашвили Шәамахьтәыла ивизит аҵакы ду амоуп, избанзар, ҳаизыҟазаашьақәа аҭоурыхтә максимум аҟынӡа ишьҭыҵит
Гьаргь  Шарвашиӡе  - Атәыла ахада Михаил Ҟавелашвили Шәамахьтәыла ивизит аҵакы ду амоуп, избанзар, ҳаизыҟазаашьақәа аҭоурыхтә максимум аҟынӡа ишьҭыҵит

Шәамахьтәыла иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ  Гьаргь Шервашиӡе иҳәамҭала, Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили, Шәамахьтәыла ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Шәамахьтәыла ахадеи, аҧыза-министри, аиҳабыра алахәылацәеи дырҧылоит.

Гьаргь Шервашиӡе ари авизит аҵакы дахцәажәан, ишиҳәаз ала, аиҧыларақәа раан                 излацәажәо азҵаарақәа Қырҭтылеи Шәамахьтәылеи мацара ракәымкәа, арегион зегьы азы аҵакы ду рымоуп.

«Ари авизит аҵакы ду амоуп, уи Қырҭтәыла ахада Шәамахьтәыла раҧхьатәи иофициалтә визитуп. Иара Шәамахьтәыла ахада  Хачатуриани, аҧыза-министр Ҧашиниани, аиҳабыра алахәылацәеи  дырҧылоит. Ҳәарада, ари авизит аҵакы ду амоуп, избанзар, ҳаизыҟазаашьақәа аҭоурыхтә максимум аҟынӡа ишьҭыҵит.

Ҵыҧх Шәамахьтәылеи Қырҭтәылеи астратегиатә партниорра иазку аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Аекономикатә еизыҟазаашьақәеи атуризми ирласӡаны аҿиара иаҿуп. Хара имгакәа Шәамахьтәыла Қырҭтәыла Акультура амшқәа мҩаҧысуеит. Аинициативақәа рацәа рынагӡара ҳалагахьеит, Қырҭтәыла иатәу аҭынчратә инициативагьы, аҭынчратә Кавказ аидеиа. Аиҧыларақәа раан излацәажәо азҵаарақәа Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи мацара ракәымкәа, арегион зегьы азы аҵакы ду рымоуп», — иҳәеит Гьаргь  Шарвашиӡе.

Иахьа Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили аофициалтә визитла Шәамахьтәыла даҭаауеит. Михаил Ҟавелашвили аделегациа ицуп.