Гьаргь Ҕибраӡе  - Апандемиа аҿагылара амзызла Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак имҩаҧнаго аусураҿы аҧыжәара амоуп импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ирықәынхо ауааҧсыра реиҷаҳара
Гьаргь Ҕибраӡе  - Апандемиа аҿагылара амзызла Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак имҩаҧнаго аусураҿы аҧыжәара амоуп импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ирықәынхо ауааҧсыра реиҷаҳара

Аконкреттә етап аан атәылаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа инақәыршәаны, авирус аларҵәара апревенциеи ахылаҧшреи, ауааҧсыра ргәабзиареи ршәарҭадареи ахьчареи, апандемиа иахылҵуа егьырҭ апроблемақәа рҭыҧқәҵареи азыҳәан, ахеилак, абаланс зызу апрогмативтә аӡбарақәа аднакылоит, аамҭа-аамҭала аҿыц регулиациақәа шьақәҳаргылоит, ма иҳарҧсыҽуеит, – иҳәеит Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аҳәаақәа ирҭагӡаны аус зуа Аоперативтә штаб анапхгаҩы Гьаргь Ҕибраӡе иахьа аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы.

Гьаргь Ҕибраӡе иажәақәа рыла, Аҧсни Цхинвалтәи арегиони рымпыҵахалара амшала, Қырҭтәыла анапхгара абарҭ арегионқәа ишахәҭоу ала рхылаҧшра алашара шрымамгьы, апандемиа аҿагыларазы Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак имҩаҧнаго аусураҿы аҧыжәара амоуп импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ирықәынхо ауааҧсыра реиҷаҳара азҵаара.

„Шәара ибзианы ижәдыруеит импыҵахалоу арегионқәа рзы ишьақәыргылоу арегулиациақәа аамҭа-аамҭала ишыҳаҧсахуа. Убри аҟынтә, аетапк аан, акарантин аҿҳәара 14мшы аҟынтә 5мшы рҟынӡа иҳармаҷит. Убри адагьы, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рҟны аусеицуреи дара рыбжьацәажәареи абзоурала, импыҵахалоу Аҧсны иқәынхо атәанчуааи, социалла еиқәыршәам ауааҧсыреи, зылшарақәа маҷу ауааҧсыреи, ахылҵ рацәа змоу аҭаацәарақәеи, акарантин иахымскәа, дара ирықәнагоу аҧаратә цхыраара роуратәы аҭагылазаашьақәа рзеиәқыршәоуп.
Егьырҭ ауааҧсыра, зыҧшра ҟамҵакәа амедицинатә цхыраара зҭаху ачымазаҩцәа, изакәызаалак ҧырхагак рымамкәа, аҽыхәышәтәра амзызла, Қырҭтәыла ацентртә напхгара изхылаҧшуа аҵакырадгьылахь иааны шьҭахьҟа игежьыр рылшоит“, – иҳәеит Гьаргь Ҕибраӡе.

Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аҳәаақәа ирҭагӡаны аус зуа Аоперативтә штаб аиҳабы иажәақәа рыла, апандемиа аларҵәара ианалага, Қырҭтәыла аиҳабыра аргама аарыцҳаит импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ирықәынхо ауааҧсыра ишреиҷаҳауа, цхыраарада ишаанырмыжьуа, абри аҳәамҭа аконкреттә усқәа рыла ишьақәырҕәҕәан.

„Ауаа авируси уи апревенциеи иазкны иаҳа инарҭбаау аинформациа роурц азыҳәан,  аҧсуеи ауаҧси абызшәақәа рыла адырра аиҕьтәратә кампаниа мҩаҧган, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны, иашьашәалоу аматериалқәеи апротоколқәеи абарҭ абызшәақәа рахь еиҭаган. Импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы аус зуа амедицинатә персонал, еиҧҟьарада, онлаин арежим аҿы аконсультациақәа рзымҩаҧаагон, Қырҭтәыла анапхгара изхылаҧшуа аҵакырадгьыл аҿы иҟоу ахәышәтәырҭақәеи аҳақьымцәеи рҧышәа рыдаргалон. Убри адагьы, ҳара ҳацхыраара ала, Аҧсны изныкымкәа инеихьеит Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара аделегациа, дара аҭыҧаҿы аҭагылазашьа гәаҭаны, аҭыҧантәи аҳақьымцәа абжьагарақәа рырҭеит. Аҧсны, уааҵәҟьа ироуан иашьашәалоу амедицинатә аибыҭареи, ахәшәқәеи, егьырҭ амаҭәарқәеи. Жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рыцхыраара ала, аҭыҧашҟа изныкымкәа инаган агуманитартәии амедицинатәи аидара. Иахьагьы, акоронавирус ҿызкааз апациентцәа  Аҧснынтә иааганы Қырҭтәыла ацентртә напхгара изхылаҧшуа аҵакырадгьыл аҿы ирыхәшәтәуеит.

Ахеилак алахәылацәа интенсивла аус руеит аепидемиологиатә ҭагылазаашьа инақәыршәаны арегулиациақәа реиҭахәаҧшра ахырхарҭала, импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рзы амч змоу арегулиациақәагьы инрылаҵаны“, –  иҳәеит Гьаргь Ҕибраӡе.