Амиран Гамҟрелиӡе - Сынтәа, аекстраординартә ак ҟамлар, апандемиа ихыркәшоит
Амиран Гамҟрелиӡе - Сынтәа, аекстраординартә ак ҟамлар, апандемиа ихыркәшоит

Ачымазарақәа рхылаԥшра амилаҭтә центр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡе иҟаиҵаз аҳәамҭала, акоронавирус афаза цәгьа ахыркәшарахь инеиуеит, убри аҟынтә Адунеизегьтәи агәабзаирахьчаратә аиҿкаара апандемиа ахыркәшара аанацҳар ҟалап.

Гамҟрелиӡе иажәақәа рыла, иахьа, ҩышықәса ирылагӡаны раԥхьаӡа, Қырҭтәыла акоронавирус амзызла аӡәгьы дымԥсит.

„2020 шықәса цәаббра ашьҭахь иахьа, раԥхьаӡа,Қырҭтәыла акоронавирус амзызла аӡәгьы дымԥсит. Ари аҵак ду амоуп. Жәларбжьаратәи аинституциақәа рпрогнозқәа зегь рыла, аҭышәынтәылара нагӡахароуп. Адунеизегьтәи агәабзаирахьчаратә аиҿкаара апандемиаихыркәшеит ҳәа макьана адырра ҟарымҵеит, аха акоронавирус афаза цәгьа ахыркәшарахь инеиуеит. Астратегиатә документ аҿы ишану ала, уи ахыркәшарахь инеиуеит. Сынтәа, аекстраординартә ак ҟамлар, апандемиа ихыркәшоит”, – иҳәеит Гамҟрелиӡе.