Амиран Гамҟрелиӡе - "Омикрон" аҽацәыхьчаразы бџьар хадас иҳамоу асабрада ауп
Амиран Гамҟрелиӡе - "Омикрон" аҽацәыхьчаразы бџьар хадас иҳамоу асабрада ауп

Ачымазарақәа рхылаԥшра амилаҭтә центр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡе иҟаиҵаз аҳәамҭала, атәылаҿ аепидҭагылазаашьа аҭышәынтәалара алагеит, аха ари арегулиациақәа нагӡатәым ҳәа, иаанагом.

Гамҟрелиӡе иажәақәа рыла, “Омикрон” аҽацәыхьчаразы бџьар хадас иҳамоу асабрадеи алаҵеи роуп. Амиран Гамҟрелиӡе ишазгәеиҭаз, асабрада аҿаҵара иазку аҭакԥхықәра иҵегь кыраамҭа аанхоит.

“Иахьа ахәышәтәырҭа ишьҭоу 6000-ҩык апациентцәа рҟынтә 95% алаҵақәа рзыҟаҵам. Алаҵа, ҷдала абустер, ззыҟаҵоу апациентцәа “омикрон” ала анычмазаҩхо, рыԥсҭазаара ашәарҭа иҭагылам. Иахьа “Омикрон” аҽацәыхьчаразы бџьар хадас иҳамоу асабрадеи алаҵеи роуп. Убри аҟынтә зехьынџьара асабрадақәа ныҟәгатәуп. “Омикрони” аковидчымзареи рҵыхәа хәыҷы-хәыҷла ԥҵәоит, убри аҟынтә абжьагараәа нагӡатәуп,” – иҳәеит Гамҟрелиӡе.