Аинфекциа адбалара 30 мшы анҵлак ашьҭахь акоронавирус азы алаҵа аҟаҵара ҟалоит
Аинфекциа адбалара 30 мшы анҵлак ашьҭахь акоронавирус азы алаҵа аҟаҵара ҟалоит

Ачымазарақәа рхылаԥшра амилаҭтә центр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡе иажәақәа рыла, аинфекциа адбалара 30 мшы анҵлак ашьҭахь акоронавирус азы алаҵа аҟаҵара алоит.

Ари атәы Амиран Гамҟрелиӡе Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак еилатәара ашьҭахь имҩаԥгаз абрифинг аҿы ааицҳаит.

“Уаанӡа акоронавирус зыдбылаз  алаҵа аҟаҵара 120 мшы рышьҭахь илшон, уажәы азы ари аҽҳәара еиҵакуп ари амчыбжь инаркны   30 мш рҟынӡа.  Аминистр ҳазҭагылоу амчыбжь азы иашьашәалоу адҵа лнапы аҵалҩуеит,” – иҳәеит Гамҟрелиӡе.