Амиран Гамҟрелиӡе - 5-12 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа рзы алаҵа "Фаизер" аҩбатәи аквартал аҿы ааҳхәоит
Амиран Гамҟрелиӡе - 5-12 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа рзы алаҵа "Фаизер" аҩбатәи аквартал аҿы ааҳхәоит

ачымазарақәа рхылаԥшра амилаҭтә центр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡе ишааицҳаз, 5-12 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа рзы алаҵа “Фаизер” аҩбатәи аквартал аҿы аархәоит.

Иажәақәа рыла, арҭ адозақәа, раԥхьаӡа иргыланы, арискгәыԥ иалоу ахәыҷқәа рзыҟарҵоит.

“Аиммунизациа ахеилак аҿы 5-12 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа рвакцинациа азҵаара хахәаԥшит. “Фаизер” аҟынтә 50000 доза алаҵа аахәаразы аҿаҵа аҳҭеит.  Алаҵа актәи апартиа аҩбатәи аквартал аҿы ааҳгоит,” – иҳәеит Гамҟрелиӡе.