Иахьа асезонтә грипп аҽацәыхьчаратә вакцинациа иалагеит
Иахьа асезонтә грипп аҽацәыхьчаратә вакцинациа иалагеит

Иахьа асезонтә грипп аҽацәыхьчаратә вакцинациа иалагеит, – илҳәеит Ачымазарақәа рхылаԥшра амилаҭтә центр анапхгаҩы инапынҵақәа назыгӡо Ҭамар Габуниа имҩаԥылгаз апрессконференциа аҿы.

Ҭамар Габуниа лажәақәа рыла, аҳәынҭқарратә програма аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла аагоуп ԥшькомпонентк рыла ишьақәгылоу SANOFI PASTEUR агрипп чымазара аҽацәыхьчаразы алаҵа.

Ариск гәыԥ иалоу атәылауаа  агрипп чымазара аҽацәыхьчаразы алаҵа хәыԥсада рзыҟарҵоит.

Агәабзиарахьчаразы адунеитә аиҿкаара арекомендациа инақәыршәаны, агрипп аҽацәыхьчаразы алаҵа агрипп авирус атрансмиссиа иалагаанӡа ҟаҵатәуп.