Апандемиа амзызла ЕАШ алагалаз аҭагылазаашьа ҷыда аԥыхуп
Апандемиа амзызла ЕАШ алагалаз аҭагылазаашьа ҷыда аԥыхуп

ЕАШ ахада Џьо Баиден Covid-19 апандемиа амзызла ЕАШ алагалаз аҭагылазаашьа ҷыда аԥихит, – ари атәы аарыцҳаит Аҩны шкәакәа аҟынтә.

„Мшаԥы 10 рзы ахада инапы аҵаиҩит Covid-19 апандемиа амзызла ЕАШ алагалаз аҭагылазаашьа ҷыда аԥыхра иазкә азакәан”, – ианпуп аҳәамҭа аҿы.

Акоронавирус иахҟьаны, ЕАШ аҵакырадгьыл аҿы аҭагылазаашьа ҷыда алагаларазы 2020 шықәсазы адҵа ҟаиҵеит  усҟантәи ахада Дональд Трамп.