Гьаргь Гахариеи Џьамтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистри реиԥылараҿ арегион аҟны иҟоу аҭагылазаашьеи ҩганкалатәи ахәаахәҭра-економикатә аимадарақәа рырҿиара рыхцәажәеит
Гьаргь Гахариеи Џьамтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистри реиԥылараҿ арегион аҟны иҟоу аҭагылазаашьеи ҩганкалатәи ахәаахәҭра-економикатә аимадарақәа рырҿиара рыхцәажәеит

Қырҭтәыла Аԥыза-министр Гьаргь Гахариа Џьамтәыла исламтәи ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистр Муҳамед Џьавад Звриф диԥылеит.

Аԥыза-министр ипрессмаҵзура аҟынтә ишаарыцҳаз ала, аиԥылараҿ арегион аҟны иҟоу аҭагылазаашьеи, аҵыхәтәантәи аамҭазыиҟаз ахҭысқәеи, арегин аекономикатә аҿиареи арегион аҟны аҭышәынтәалара аиқәыршәареи рҿы Қырҭтәыла ароли рыхцәажәеит.

«Аиԥылараҿ ҩганкалатәи арегионалтәи еизыҟазаашьақәа ирызку азҵаарақәа ирыхәаԥшит. Ҩганкалатәи еизыҟазаашьақәа рконтекст аҿы  иазгәаҭан аҵак ду шамоу ҩтәылак ирыбжьоу ахәаахәҭра-економикатәи еизыҟазаашьақәеи, ҩтәылак атранзиттәи, атранспорттәи еимадарақәеи ари ахырхаҭаҿ иҟоу апотенциал ахархәареи, ари ахырхарҭаҿ иҟоу ауадаҩрақәа рҭыԥқәҵара.

Иара убас еиԥылараҿ апандемиаан атәылақәа рҿы иҟаз аҭагылазаашьеи наҟ-наҟтәи апланқәеи ирыхәаԥшит.

Џьамтәыла исламтәи ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистр Қырҭтәыла атериториатә акзаареи асвуверенитети шрыдгыло даҽазнык шьақәирӷәӷәеит,» – иануп Аԥыза-министр ипрессмаҵзура аинформациа аҿы.