Гьаргь Гахариа EIB арегионалтә хаҭарнак даниҧылоз, COVID-19 иахылҵыз аекономикатә кризис алҵра апроцесс аҿы жәларбжьаратәи апартиниорцәа рроль далацәажәеит
Гьаргь Гахариа EIB арегионалтә хаҭарнак даниҧылоз, COVID-19 иахылҵыз аекономикатә кризис алҵра апроцесс аҿы жәларбжьаратәи апартиниорцәа рроль далацәажәеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Гьаргь Гахариа Аахыҵ Кавказ аҿы  Европа Аинвестициатә банк  (EIB) арегионалтә директор Мачие Сура диҧылеит.

Аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз аиҧылара аан аҧыза-министр  COVID-19 иахылҵыз аекономикатә кризис алҵра апроцесс аҿы жәларбжьаратәи апартниорцәа рыдгылара аҵакы иазгәаҭаны,  EIB ахаҭарнакцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит Қырҭтәыла аҳәынҭқарратәгьы хазхаҭалатәгьы асекторқәа аус рыцура азыҳәан.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала,  Қырҭтәыла  2024 шықәсазы Евроеидгыла алаларазы азыҳәамҭа аҟаҵаразы  рҽазыҟарҵоит, ари апроцесс аҿы жәларбжьаратәи аҿиара апартниорра адгылара аҵакы ду амоуп.

Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, Европа Аинвестициатә Банк Қырҭтәыла зегьы реиҳа идуу апартниорцәа иреиуп, тәылауаҩк изы иуҧхьаӡозар, Қырҭтәыла зегьы реиҳа  ирацәаны   EIB аинвестициақәа зхы иазырхәо атәылақәа иреиуп.  Зыӡбахәы ҳәоу абанк Қырҭтәыла аусура ианалага инаркны иахьанӡа, аҳәынҭқарратә сектор иазоунашьҭхьеит  1.48 миллиард евро, аҳәынҭқарратәи хазхаҭалатәи асекторқәа инеизакны ирзоунашьҭхьеит  2 миллиард евро аинвестициа. Абри аҧара, амҩақәа рыргылареи, аенергетикеи, аӡымҩангагақәеи, егьырҭ зҵакы дуу апроектқәеи ирылаҵоуп.

Аганқәа рхаҭарнакцәа  EIB ацхыраара ала  Қырҭтәыла амҩатә инфраструктуреи аҳеи рырҿыцра иалацәажәеит, абри апроект ала иазҧхьагәаҭоуп амагистраль хада еиуеиҧшым ацыҧҵәахақәа реиҭашьақәыргылареи рырҭбаареи, Аҩадатәи Осиаурии Чумаҭелеҭии еимыздо 14.1 км. иаҟароу амагистраль ҿыц аргылареи.

Ишазгәаҭаз ала,  аҭыҧантәи абанкқәа рҟны аусеицура ала,  EIB,  аиновациатә бизнес ҿыц иадгылоит  InnovFin аиқәшаҳаҭреи, Евроеидгыла имҩаҧнаго  EU4Business аинициативеи рыла. Иара убас, аиҧылараҿы,  амикроааглыхҩцәеи, аҳәсеи, аҿари, ақыҭауааи афинансқәа рыҧшаараҿы ирыцхраауа   EIB апрограммагьы ибзианы иахцәажәеит, уи  афинанстә алахәызаара аҿиареи кыраамҭалатәи аекономикатә азҳареи иацхраауеит.