Гьаргь Гахариа Ашәамахь уахәама аҭааҩцәа Қьырсеи Аӡӡаахреи рыдиныҳәалеит
Гьаргь Гахариа Ашәамахь уахәама аҭааҩцәа Қьырсеи Аӡӡаахреи рыдиныҳәалеит

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа Ашәамахь уахәама аҭааҩцәа Қьырсеи Аӡӡаахреи рыдиныҳәалеит.

Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла иқәынхо ашәамахьцәа ҳҳәынҭқарра аргылара апроцесс аҿы алагала ду ҟарҵеит.

«Ашәамахь уахәама аҭааҩцәа Қьырсеи Аӡӡаахреи рыдысныҳәалоит. Ҷыдала ирыдысныҳәалар сҭахуп Қырҭтәыла иқәынхо ашәамахь ҳтәылауаа, дара ақырҭуа ҳәынҭқарра аргылара апроцесс аҿы алагала ду ҟарҵеит. Агәабзиареи, аҭынчреи, мышхәыбзазареи шәзеиҕьасшьоит», — иҳәеит Гьаргь Гахариа.