Гьаргь Гахариа апарламент адигалеит аиҳабыра реилазаара
Гьаргь Гахариа апарламент адигалеит аиҳабыра реилазаара

Қырҭтәыла Аҧыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Гьаргь Гахариа апарламент адигалеит аиҳабыра реилазаара.

Аиҳабыра реилазаараҿы аҧсахра заҵәык ҟалеит  —  аиустициа аминистр иҭыҧ азы кандидатс дықәдыргылеит Гоча Лордқьиҧаниӡе.

Лымкаала:

Арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рминистр  — Маиа Цқьитишвили;

Аиустициа аминистр  — Гоча Лордқьиҧаниӡе;

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр  — Вахтанг Гомелаури;

Аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рминистр  — Наҭиа Турнава;

Адәныҟатәи аусқәа рминистр  — Давиҭ Залкалиани;

Афинансқәа рминистр  —  Иване Маҷавариани;

Аҵареи, аҵарадырреи, акультуреи, аспорти рминистр  — Михаил Чхенкели;

Ахҵәацәеи, аџьауси, агәабзиарахьчареи, асоциалтә ахьчареи азҵаарақәа рзы аминистр  — Екатерина Тикараӡе;

Аҧсабарахьчареи ақыҭанхамҩеи рминистр  — Леван Давиҭашвили;

Атәылахьчара аминистр  — Иракли Ҕарибашвили;

Аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә министр  — Ҭеа Ахвледиани.

Уажәазы иҟоу аинформациа ала, иааиуа амчыбжь азы аиҳабыра реилазаара шьақәырҕәҕәазаауеит.