Гьаргь Гахариа  - Абашиӡе – Карасин аформат  -  аекономикатәи агуманитартәи зҵаарақәа рылацәажәаразы ҩ-ганктәи аканал заҵәуп
Гьаргь Гахариа  - Абашиӡе – Карасин аформат  -  аекономикатәи агуманитартәи зҵаарақәа рылацәажәаразы ҩ-ганктәи аканал заҵәуп

 

Абашиӡе – Карасин аформат  –  аекономикатәи агуманитартәи зҵаарақәа рылацәажәаразы ҩ-ганктәи аканал заҵәуп, — иҳәеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр иҭыҧ азы акандидат Гьаргь Гахариа апарламент апленартә аилатәараҿы адепутатцәа рызҵаарақәа аҭак анриҭоз.

Гахариа иҳәамҭала,  зыӡбахәы ҳәоу аформат макьана аресурсқәа амоуп.

«Уажәазы хырҳагара ҳзаанаго ҳзаанамго аҳәара уадаҩуп,  аха,  ари аформат макьана аресурсқәа амоуп,  избанзар уи  аекономикатәи агуманитартәи зҵаарақәа рылацәажәаразы ҩ-ганктәи аканал заҵәуп. Абри аканал мап ацәкра ииашам ҳәа сгәы иаанагоит, избанзар, ҳара излауа ала ари аканал ҳхы иаҳархәароуп, раҧхьа иргыланы аекономикатәи агуманитартәи зҵаарақәа рыӡбаразы», — иҳәеит Гьаргь Гахариа.