«Ҳара ҳаҧхьаҟа имҩаҧысраны иҟоу иарбанзаалак алхрақәа рзы ҳҽазыҟаҳҵоит, избанзар иарбанзаалак аполитикатә партиа алхрақәа рзы ихиазароуп. Ҳара абасоуп аус шаауа. Уажәы ҳара жьҭааразы апарламенттә алхрақәа рзгьы аҭыҧантәи алхрақәа рзгьы ҳҽазыҟаҳҵоит», — иҳәеит апартиа «Гахариа Қырҭтәылазы» алидер «ТВ Пирвели» аефираҿ.
Адырраҭара амҩаҧгаҩ Гахариа зиазҵааит алхрақәа рҽалархәразы иааҧҵәаны мап икуама ҳәа. Гахариа ишиҳәаз ала, иахьа абри аҩыза аӡбара адкылара дазыхиам.
«Аҭыҧантәи алхрақәа ирыдҳәаланы еиҭасҳәар сҭахуп – арҭ алхрақәеи апарламенттә алхрақәеи еицымҩаҧысуазар — уи еилкаауп, ҳәарада ҳҽалаҳархәоит, хаз-хазы имҩаҧысуазар, — нас аӡбара ҳадаҳкылоит. Ҳәарада, алхрақәа рзы ҳҽазыҟаҳҵоит. Алхрақәа ҳрылахәхәаргьы ҟалоит, мап ҳкыргьы ҟалоит. Иахьа абри аҩыза аӡбара адкылара сазыхиам», — иҳәеит Гахариа.