Франциа апарламенттә алхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥысуеит
Франциа апарламенттә алхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥысуеит

Франциа апарламенттә алхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥысуеит, ауааԥсыра Франциа апарламент ҵаҟатәи апалата ахь 577-ҩык адепутатцәа алырхроуп.

Аиаиира агараҿы аԥхьагылара амоуп ахада Макрон  “Еицны” (Ensemble!) икоалициеи Жан Лиук Меланшон армарати икоалициеи. Апарламент аҿы аиҳара ашьаҭаркразы аполитикатә коалициақәа 289 мандатқәа роуроуп.

Иҳаҩсыз амчыбжь азы имҩаԥгаз алхрақәа актәи ртур аҿы Макрон икоалициа армаратәи акоалициа аҵкьыс 0.1 % еиҳаны абжьқәа раиура алшеит.

Аекспртцәа ргәаанагарала, аҩбатәи атур аҿы ультраарӷьаратәи Марин Ле-Пен 30-50 мандатқәа раиура лылшоит.