Франциа апарламенттә алхрақәа аҩбатәи ртур аҿы аиааира агеит Макрон икоалициа, аха абсолиуттә аиҳара агара алымшеит
Франциа апарламенттә алхрақәа аҩбатәи ртур аҿы аиааира агеит Макрон икоалициа, аха абсолиуттә аиҳара агара алымшеит

Франциа апарламенттә алхрақәа аҩбатәи ртур аҿы аиааира агеит Макрон икоалициа, аха абсолиуттә аиҳара аиура алымшеит.

Франциа апарламент ҵаҟатәи апалата аҿы Франциа ахада икоалициа аиуеит 245 мандат, аиҳара аиуразы аҭахын 289 мандат.

Аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит Жан Лиук Меланшон армаратәи икоалициа. Уи 131 мандат аиуит.

Франциатәи аихқәа ишаарыцҳаз, аҩбатәи атур аҿы ультраарӷьаратәи Марин Ле-Пен 89 мандат лоуеит. Уаанӡа́ Марин Ле Пен лпартиа аамандат мацара аман. Аԥшьбатәи аҭыԥ аҿы иҟоуп аконсерваторцәа.

Аполитикатә партиақәа 577 ҭыԥқәа раанкылара иазықәԥон.