Франциа аекономикеи афинансқәеи рминистр – Шәааи, Урыстәылатәи агаз зынӡаск аркразы ҳҽазыҟаҳҵап, иахьазы уи зегьы иреиҕьу вариантуп
Франциа аекономикеи афинансқәеи рминистр – Шәааи, Урыстәылатәи агаз зынӡаск аркразы ҳҽазыҟаҳҵап, иахьазы уи зегьы иреиҕьу вариантуп

Франциа урыстәылатәи агаз аркра асценари иалацәажәоит.

АИХ адыррақәа рыла, ари атәы ааицҳаит Франциа аекономикеи афинансқәеи рминистр  Бриуно Ле Маиор.

«Шәааи, урыстәылатәи агаз зынӡаск аркразы ҳҽазыҟаҳҵап, иахьазы уи зегьы иреиҕьу вариантуп. Уи азыҳәан ҳенергетикатә хьыҧшыира еиқәҳаршәароуп, ҳҭаҵәах ҳарҭәаатәуп», — иҳәеит  Ле Маиор.

Иара иажәақәа рыла, Франциа аиҳабыра, атәыла агазла аиқәыршәара аганахьала апроблемақәа ҟалар, аҧыжәара зауа аилахәырақәа рҳәаақәҵаразы аус руеит.

Иааиуа амчыбжь азы Франциа Амилаҭтә аизараҿы иашьашәалоу азакәанпроект иахәаҧшраны иҟоуп.