Франк-Вальтер Штанимаиер ишааицҳаз, Украина Германтәылантә абџьар аиуеит
Франк-Вальтер Штанимаиер ишааицҳаз, Украина Германтәылантә абџьар аиуеит

Франк-Вальтер Штанимаиер ишааицҳаз, Украина Германтәылантә абџьар аиуеит. Ари атәы Германтәыла ахада ааицҳаит Польша ахада иҟны аиԥылара ашьҭахь имҩԥгаз апресскрнференциа аҿы.

Франк-Вальтер Штанимаиер иажәақәа рыла, ари Берлинтәи ашәарҭадара афилософиа иашьашәалам, аха Украина абџьар арҭоит. Германтәыла ахада ишазгәеиҭаз, Германтәылеи Польшеи реиҳабырақәа Украина адгыларазы иашьҭанеиуа ашьаҿақәа рыҟаҵара азҵаараҿ аусеицура рыбжьоуп.

Штаинмаиер ишааицҳаз, Украинаҿ Урыстәыла имҩаԥнаго агыгшәыгра аанкылатәуп. Уи Урыстәыла ахада иахь ааԥхьара ҟаиҵеит арратә уснагӡатәқәа аанкыланы, Мариуполь аҟынтә аҭынч тәылауаа аевакуациа алшара рииҭарц.

Асанкциақәа данрыхцәажәоз, Франк-Вальтер Штанимаиер иазгәеиҭеит, Евроеидгыла иалоу атәылақәа Урыстәыла аганахьала аекономикатә ақәыӷәӷәара шынарыгӡо, атәылақәа зегьы Урыстәылантә аенергоекспорт шырмаҷуа, Урыстәылантә Гермнтәылахь агаз аекспорт 60% аҟынтә 40%-нӡа шмаҷхаз.

Франк-Вальтер Штанимаиер ишааицҳаз, Путин Европа аиҟәшара илымшеит, уи акәым, анҭы́ҵтәи агрессиа аҿагылара аус аҿы Европа иаҳа иӷәӷәазеит.