Финлиандиа аофициалла аанацҳаит НАТО алаларазы аӡбара шрыдыркылаз
Финлиандиа аофициалла аанацҳаит НАТО алаларазы аӡбара шрыдыркылаз

«Финлиандиа НАТО алаларазы аофициалла азыҳәамҭа ҟанаҵоит», — иҳәеит Финлиандиа ахада  Саули Ниинисте  атәыла аҧыза-министр Санна Марини иареи еицымҩаҧыргаз апресс-конференциаҿы.

«Абри амш аҭоурыхтә ҵакы амоуп. Аера ҿыц иалагеит», — иҳәеит  Ниинисте.

Euronews ишанацҳаз ала, иааиуа амшқәа рзы Финлиандиа апарламент ари аӡбара шьақәнарҕәҕәароуп. Анеҩс, иааиуа амчыбжь азы,  Бриуссель иҟоу аштаб-уадашҟа аофициалтә азыҳәамҭа дәықәырҵоит.