«Евровизиа 2022» афиналистцәа идыруп
«Евровизиа 2022» афиналистцәа идыруп

Иахьа, Турин, ашәаҳәаратә конкурс «Евровизиа» аҩбатәи афиналбжа мҩаҧысит.

Аҩбатәи афиналбжаҿы иқәгылеит ақырҭуа гәыҧ  Circus Mircus. Дара ашәа  «Lock Me In» нарыгӡеит.

Афинал ахь ииасит 10 тәылак рхаҭарнакцәа, Қырҭтәыла ахьӡала иқәгылаз агәыԥ афинал ахь аиасра алымшеит.

«Евровизиа» афинал ахь ииасит: Финлиандиа, Сербиа, Азербаиџьан, естониа, Чехиа, Австралиа, Польша, Румыниа, Бельгиа, Швециа.

Лаҵара 14 рзы аконкурс афинал ишашо ицо атранслиациа жәбар шәылшоит Қырҭтәыла Актәи аканал аҿы,  асааҭ  23:00 рзы.