Нуца Бузалаӡе Евровизиаҿ иналыгӡо ашәеи аклипи рпремиера мҩаԥган

Нуца Бузалаӡе Евровизиаҿ иналыгӡо ашәеи аклипи рпремиера мҩаԥган Қарҭ, асасааирҭа Redisson red courtyard аҿы

Евровизиа ашәаҳәаратә конкурс аҿы Қырҭтәыла ахаҭарнак Нуца Бузалаӡе иналыгӡо ашәеи аклипи  апремиера мҩаҧысуеит хәажәкыра 11 рзы.

Firefighter –  абас ахьӡуп   2024 шықәсазы Қырҭтәыла аконкурстә ашәа. Ари ашәа Нуца илзырҩит Дарко Димитрови Ада Саткеи. Аклип арежиссиор иоуп Заза Орашвили, асахьаҭыхҩы – Шако Попиашвили, ахореограф – Луиџьи Алока, акостиумқәа рдизаинерцәа Лаша Џьохаӡеи Алеқсандре Ахалкацишвилии, амонтаж – Нестан Синџьикашвили.

Сынтәа Евровизиа ашәаҳәаратә конкурс мҩаҧысуеит Швециа, Малме ақалақьаҿ,  лаҵара  7, 9,  11 рзы.

Нуца Бузалаӡе дықәгылоит лаҵара  9 рзы, аҩбатәи афиналбжаҿы. Ишиашо ицо аефираҿ аконкурс атранслиациа жәбар шәылшоит Қырҭтәыла Актәи аканалаҿ.