Нуца Бузалаӡе Евровизиаҿ иналыгӡо ашәеи аклипи апремиера мҩаҧысуеит  хәажәкыра 11 рзы
Нуца Бузалаӡе Евровизиаҿ иналыгӡо ашәеи аклипи апремиера мҩаҧысуеит  хәажәкыра 11 рзы

 

Евровизиа ашәаҳәаратә конкурс аҿы Қырҭтәыла ахаҭарнак Нуца Бузалаӡе иналыгӡо ашәеи аклипи  апремиера мҩаҧысуеит хәажәкыра 11 рзы.

Firefighter –  абас ахьӡуп   2024 шықәсазы Қырҭтәыла аконкурстә ашәа. Ари ашәа Нуца илзырҩит Дарко Димитрови Ада Саткеи.

Сынтәа Евровизиа ашәаҳәаратә конкурс мҩаҧысуеит Швециа, Малме ақалақьаҿ,  лаҵара  7, 9,  11 рзы.

Нуца Бузалаӡе дықәгылоит лаҵара  9 рзы, аҩбатәи афиналбжаҿы. Ишиашо ицо аефираҿ аконкурс атранслиациа жәбар шәылшоит Қырҭтәыла Актәи аканалаҿ.