Сынтәа раԥхьаӡа акәны, "идуӡӡоу хәтәылак" рхаҭарнакцәа рашәақәа аҩбатәи афиналбжаҿ нарыгӡоит
Сынтәа раԥхьаӡа акәны, "идуӡӡоу хәтәылак" рхаҭарнакцәа рашәақәа аҩбатәи афиналбжаҿ нарыгӡоит

Евровизиа аҭоурыз аҿы раԥхьаӡа акәны, “идуӡӡоу хәтәылак” рхаҭарнакцәа – Франциеи, Германтәылеи, Италиеи, Испаниеи, Британиа Дуи, Швециеи рхаҭарнакцәа рашәақәа аҩбатәи афиналбжаҿ, ишиашоу аефир аҿы нарыгӡоит.

Уаанӡа афиналбжатә шоуқәа раан арҭ атәылақәа ррепетициақәа зныԥшуаз икьаҿу авидеонҵамҭақәа ддырбон. Уажәы “идуӡӡоу хәтәылаки” Швециеи рхаҭарнакцәа Евровизиа асценаҿы иқәгыланы, аконцерт аҿы рашәақәа рынагӡара рылшоит.

Актәи афиналбжатә конкурс аҿы иқәгылоит: Украина, Кипр, Польша, Сербиа, Лиетува, Хорватиа, Ирландиа, Словениа, Исландиа, Финлиандиа, Португалиа, Лиуксембург, Австралиа, Азербаиџьан, Молдова.

Сынтәа Евровизиа ашәаҳәаратә конкурс мҩаҧысуеит Швециа, Малме ақалақьаҿ,  лаҵара  7, 9,  11 рзы.