Европатәи ахеилак амаӡаныҟәгаҩ хада - Европатәи Ахеилак ахьӡала, иҭахаз ауаа руацәеи ақырҭуа жәлари гәыкала срыдашшылар сҭахуп, иҟалаз арыцҳара даараӡа ҳгәы иалсит
Европатәи ахеилак амаӡаныҟәгаҩ хада - Европатәи Ахеилак ахьӡала, иҭахаз ауаа руацәеи ақырҭуа жәлари гәыкала срыдашшылар сҭахуп, иҟалаз арыцҳара даараӡа ҳгәы иалсит

Европатәи ахеилак амаӡаныҟәгаҩ хада Мариа Пеичинович Бурич Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили ашәҟәы издәықәылҵан, Баҭым анхарҭатә корпус аилаҳара аан ауаа рҭахара иадҳәаланы ақырҭуа жәлар дрыдашшылеит.

Мариа Пеичинович Бурич Иракли Ҕарибашвили изаалышьҭыз ашәҟәы аҟны, аахақәа зауз ауааҧсыра ирласны абзиахара рзеиҕьалшьеит.

Ҳаҭыр зқәу аҧыза-министр! Баҭым анхарҭатә корпус аилаҳареи убри амшала ауаа рҭахареи даараӡа сгәы иалсит. Абри арыцҳара иалаӡыз ауаа руацәеи ақырҭуа жәлари Европатәи Ахеилак ахьӡала гәыкала срыдашшылар сҭахуп.  Иара убас, аахақәа зауз ауааҧсыра ирласны абзиахара рзеиҕьасшьоит“,- иануп Европатәи Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ хада Мариа Пеичинович Бурич лышәҟәы аҟны.