Европарламент ишьақәнарҕәҕәеит азеиҧш адәныҟатәи аполитикеи ашәарҭадара аполитикеи иазку аҳасабырба  – Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи, Мраҭашәаратә Балканқәеи рҧеиҧш Евроеидгыла иадҳәалоуп
Европарламент ишьақәнарҕәҕәеит азеиҧш адәныҟатәи аполитикеи ашәарҭадара аполитикеи иазку аҳасабырба  – Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи, Мраҭашәаратә Балканқәеи рҧеиҧш Евроеидгыла иадҳәалоуп

Европарламент ишьақәнарҕәҕәеит азеиҧш адәныҟатәи аполитикеи ашәарҭадара аполитикеи иазку аҳасабырба .  37 даҟьала еиқәыршәоу адокументаҿ изныкымкәа Қырҭтәыла иалацәажәоит.

Адокумент аҿы ишазгәаҭоу ала, Қырҭтәыла раҧхьатәи ҳәынҭқарран  2008 шықәсазы урыстәылатәи арратә агрессиа зхызгаз. Адокументаҿ  Евроеидгылахь  ааҧхьара ҟаҵоуп  наҟ-наҟгьы Урыстәылантә аҳәара нарыгӡарц  2008 шықәса нанҳәа 12 рзы Евроеидгыла абжьацәажәарала  амца аанкыара иадҳәаланы аганқәа еицрыдыркылаз аиқәшаҳаҭра анагӡаразы.

Адокумент аҿы ишазгәаҭоу ала, 2022 шықәса рашәара 23 рзы европатәи алидерцәа Украинеи Молдовеи Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус рырҭеит, иара убас, Қырҭтәыла европатәи аперспектива иазхаҵан.

Адокументаҿы иаҵшьны иазгәаҭоуп Урыстәыла Қырҭтәылеи Молдовеи рзы агрессиатә политкиа шымҩаҧнаго. Иара убас, ишазгаҭоу ала, Қырҭтәыла раҧхьатәи ҳәынҭқарран  2008 шықәсазы урыстәылатәи арратә агрессиа зхызгаз, усҟан Урыстәыла анапхгара,  Қырҭтәыла иузалымхуа ахәҭа – Аҧсни Цхинвалтәи арегиони рымпыҵахалара ала, амч ахархәарала, европатәи ихьыҧшым аҳәынҭқарра аҳәаақәа рыҧсахра рҽазыркит.

Адокумент Евроеидгылахь ааҧхьара ҟанаҵоит  наҟ-наҟгьы Урыстәылантә аҳәара нарыгӡарц  2008 шықәса нанҳәа 12 рзы Евроеидгыла абжьацәажәарала  амца аанкыара иадҳәаланы аганқәа еицрыдыркылаз аиқәшаҳаҭра анагӡареи арегионаҿ аимакқәа аҭынчмҩала рҭыҧқәҵара апроцесс иаҳа активла аҽалархәреи азы.

Адокумент аҿы ишазгәаҭоу ала,  дара Украинеи, Молдовеи, Босниеи Герцоговинеи астатус ранашьара иазыразуп, иара убас, ааҧхьара ҟарҵоит Қырҭтәылагьы астатус анашьаразы, Еврокомиссиа аҳасабырбаҿы иазгәаҭоу априоритетқәа зегьы рынагаӡа ашьҭахь.

Европарламент ала ишьақәырҕәҕәоу адокумент ишану ала, Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи, Мраҭашәаратә Балканқәеи рҧеиҧш Евроеидгыла иадҳәалоуп.