Европарламент 20ҩык адепутатцәа идырмазеиз арезолиуциа апроектаҿ Михаил Саакашвили аҽыхәшәтәразы аҳәаанырцәҟа ииагара иаҳәоит
Европарламент аҿы, «Европатәи жәлартә партиа» ахьӡала, арезолиуциа апроект цәыргоуп, апроект дырмазеит Европарламент 20ҩык адепутатцәа.
Дара еиҭах иаҳәоит Михаил Саакашвили зыҧшра ҟамҵакәа доужьҭны, аҳәаанырцәа аҽыхәшәтәра алшара ирҭарц.
Апроектаҿ жьҭаара 26 рзы имҩаҧгаз апарламенттә алхрақәагьы ирылацәажәоит.
Адокумент авторцәа ргәаанагарала, Қырҭтәыла апарламенттә алхрақәа раан аилагарақәа рацәан, алхыҩцәа ирықәыҕәҕәон, идыршәон.
Адокументаҿ ишазгәаҭоу ала, зыӡбахәы ҳәоу алхрақәа рылҵшәақәа ақырҭуа жәлар ргәазыҳәара аадырҧшуам.
Арезолиуциа апроектаҿ ишазгәаҭоу ала, ахадаратә зинқәа пату рықәҵара авизатә режим алиберализациазы аҵакы хада амоуп. Адокумент авторцәа Акомиссиеи Ахеилаки рахь ааҧхьара ҟарҵоит Қырҭтәыла авизадатә статус еиҭахәаҧшырц, Евроеидгыла астандартқәа еилагоуп ҳәа ирыҧхьаӡар, авизадатә режим ааныркыларц.
Арезолиуциақәа рпроектқәа рзы абжьыҭира мҩаҧгахоит абҵара 28 рзы имҩаҧысуа Европарламент апленартә аилатәараҿы.