Евроеидгылеи Америкеи урыстәылатәи аҧсабаратә газ ахьыҧшызаара еиҵазтәуа аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит
Евроеидгылеи Америкеи урыстәылатәи аҧсабаратә газ ахьыҧшызаара еиҵазтәуа аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит

Евроеидгылеи Америкеи урыстәылатәи аҧсабаратә газ ахьыҧшызаара еиҵазтәуа аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Ари атәы аарыцҳаит Америка ахада Џьо Баидени Еврокомиссиа ахантәаҩы Урсула фон дер Лаиени.

Аҩны шкәакәеи Еврокомиссиеи рхантәаҩрала аус зуа агәыҧ аҧсабаратә газ альтернативтә хыҵхырҭақәа рыҧшаара иазкуп.

Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, ашықәс анҵәамҭанӡа Америка Евроеидгыла еиқәнаршәоит 15 миллиард акубтә метр абылтәы ала.