Евроеидгыла ахаҭарнакра - 2019-2024 шықәсқәа рзы Қырҭтәыла аминистррақәа Евроеидгылантә ироуз афинансркра атәылауаҩратә еиҿкаарақәа рфинансркра аҵкьс 11-нтә еиҳан

2019-2024 шықәсқәа рзы Қырҭтәыла аминистррақәа Евроеидгылантә ироуз афинансркра атәылауаҩратә еиҿкаарақәа рфинансркра аҵкьс 11-нтә еиҳан, – иануп Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ахаҭарнакра аофициалтә вебдаҟьа ианылаз аинформациа аҿы.

Аинформациа ала, Қырҭтәыла аминистррақәа Евроеидгылантә ироуз афинансркра 517 миллион евро иаҟаран, атәылауаҩратә еиҿкаарқәа рфинансркра – 46.1 миллион евро.

„Евроеидгыла алнахыз 46.1 миллион евро афинансркра ала иазыԥхьагәаҭан еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҿы аус зуаз 170 иреиҳаны атәылауаҩратә еиҿкаарақәа инарыгӡоз 47 апроект адгылара: ауаҩытәыҩса изинқәеи агендертә аиҟарареи – 8.6 миллион евро; адемократиатә аҽалархәреи зхы иақәиҭу аихқәеи – 8 миллион евро; абизнес аҿиареи азанааҭтә ҿиареи – 7.9 миллион евро; ашәарҭадаратә хырхарҭа ареформа адгылара – 4.9 миллион евро, акультуреи аҟазаратә индустриеи – 4.6 миллион евро,  аимакқәа рҭыԥқәҵаразы агәрагара аиҭашьақәыргылара – 4 миллион евро, адецентрализациеи ақыҭанхамҩеи – 3.9 миллион евро, аԥсабарахьчареи аклимати – 2 миллион евро, азеиԥш напхгараҭара ареформа адгылара – 1.2 миллион евро, аиуристтәи аӡбарҭатәи система 1 миллион евро”, – иануп аинформациа аҿы.

Қырҭтәыла Евроеидгыла ацхыраара зауз (2019-2024 шшю рзы) идуӡӡоу 10 бенефициарк иреиуп:

111,55 миллион евро – Қырҭтәылa Арегионaлтә ҿиaреи aинфрaструқтуреи рминистрра/аҭыԥантәи халанапхгараҭарақәа;
101,40 миллион евро – Қырҭтәылa Афинансқәа рминистрра;
62,75 миллион евро –Қырҭтәылa Атәылaхьчaрa аминистрра;
57 миллион евро – Қырҭтәылa Аҧсабарахьчареи aқыҭaнхaмҩеи рминистрра, агентрақәа;
5 миллион евро– Қырҭтәылa Аекономикеи ишьaқәгылоу aҿиaреи рминистрра;
25,07 миллион евро – Қырҭтәылa Импыҵaхaлоу aтерриториaқәa рҟынтә ихҵәоу aуaaҧсыреи, aџьеи, aгәaбзиaреи, aсоциaлтә хьчaреи рминистрра, агентрақәа;
19 миллион евро – Амиграциа азҵаарақәа рзы аиҳабыратә комиссиа;
12,85 миллион евро –  Қырҭтәылa Аҵaреи aҵaрaдырреи, аҿари рминистрра;
10,5 миллион евро – Қырҭтәылa Аҩныҵҟaтәи aусқәa рминистрра;
4 миллион евро – Аиҳабыра радминистарциа.
11-тәи –  Қырҭтәыла апарламент – 4.8 миллион евро”, – иануп аинформациа аҿы.