Евроеидгыла ахаҭарнакра Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр лҟны аиҧылара иазку аинформациа аланарҵәеит  - Қырҭтәыла анапхгара макьана ирымоу аҭоурыхтә алшара рхы иадырхәар ҳҭахуп 
Евроеидгыла ахаҭарнакра Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр лҟны аиҧылара иазку аинформациа аланарҵәеит  - Қырҭтәыла анапхгара макьана ирымоу аҭоурыхтә алшара рхы иадырхәар ҳҭахуп 

Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ахаҭарнакра Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр  Мака Боҷоришвилии Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Ҳерчинскии реиҧылара  иазку аинформациа аланарҵәеит.

Аҳәамҭаҿы ишазгәаҭоу ала, аиҧылраҿы Қырҭтәылеи Евроеидгылеи реизыҟазаашьақәа ирылацәажәеит.

«Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Ҳерчински Қырҭтәыла авице-аҧыза, адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвили лҟны аиҧылашҟа ааҧхьара иоуит . Дара Қырҭтәылеи Евроеидгылеи реизыҟазаашьақәа ирылацәажәеит. Ари атәыла ахьыҧшымра аиҭашьақәыргылара амш инаркны, Евроеидгыла Қырҭтәыла иацхраауеит ақәҿиара змоу адемократиатә ҳәынҭқарра аргылараҿы. Евроеидгыла изныкымкәа ишьақәнарҕәҕәахьеит Қырҭтәыла азааигәахара ишазыхиоу.

Евроеидгыла алидерцәа Қырҭтәыла акандидат астатус анаршьеит. Евроеидгыла алалара атәыла мышәхыбзазареи аҭынчреи азаанагоит.

Евроеидгыла ари аиҿкаара алалара  аӡәгьы иднацалом. Қырҭтәыла макьана иамоу аҭоурыхтә алшара ахы ианархәар ҳҭахуп», — иануп аҳәамҭаҿы.

Ҳерчински Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь иҧхьеит мышқәак раҧхьа иара Бриуссель иҟаиҵаз аҳәамҭа иадҳәаланы. Ҳерчински иҳәеит: «Қырҭтәыла амҩеихысырҭаҿ игылоуп, ари атәыла    аҧеиҧш макьана иӡбам. Аха, анеҩстәи амчыбжьқәеи амзақәеи рзы ирыдыркыло аӡбара ҳәаақәнаҵоит Қырҭтәыла адемократиеи, азакәан ахадареи, ауаҩытәыҩса изинқәеи рышьаҭала ишьақәгылаз европатәи аҭаацәара иалахәхәо, мамзаргьы, ҧаса изҭагылаз аамҭа лашьца иазыхынҳәоу. Акоуп ақырҭуа жәлар ирасҳәар исҭаху  – „агәыҕра шәцәымӡааит“.  Қырҭтәылеи асасдкылара злоу ақырҭуа жәлари амчылареи, атәылауаҩратә еибашьреи, аҕарреи, агәаҟреи  аамҭа лашьцақәа рахь рыхынҳәра  алҳмыршароуп. Дара иаҳа еиҕьу аразҟы рымазароуп. Атәыла анапхгара ҳара аус ҳацура шырҭаху аадырҧшыр, иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит Қырҭтәыла Евроеидгыла алахәылас иҟаларцаз».

Мшаҧы 23 рзы Қырҭтәыла аҧыза-министр ишиҳәаз ала,  «Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ ақырҭуа жәлар дрықәмақаруеит атәылауаҩратә еибашьреи  аҕарреи рыла. Убри аҟынтә, Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Адәныҟатәи аусқәа рминистррашҟа иҧхьатәуп».