Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ахаҭарнакра  - Евроеидгыла Петер Фишер адгылара ҕәҕәа изаанарҧшуеит
Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ахаҭарнакра  - Евроеидгыла Петер Фишер адгылара ҕәҕәа изаанарҧшуеит

Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ахаҭарнакраҿы ишырҳәаз ала,  Евроеидгыла Қырҭтәыла иҟоу Германтәыла ацҳаражәҳәаҩ Петер Фишер адгылара ҕәҕәа изаанарҧшуеит. Амиссиа ари атәы аанацҳаит асоциалтә аҳа  X аҿы.

«Ҳара Германтәыла ацҳаражәҳәаҩ ҳидгылоит. Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак ишиҳәаз еиҧш, Евроеидгылеи уи иалоу атәылақәеи Қырҭтәыла роуранагӡара иадҳәалоу адезинформациа ҳақәыӡбоит», — иануп аҳәамҭаҿы.

Иара убас, Евроеидгыла амиссиа  Петер Фишер ипубликациагьы иазааҭгылеит, уаҟа Германтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адипломат адгылара изаанарҧшуеит.

«Германтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Папуашвили иҟаиҵаз иҵаҵгәыркым, шьаҭак зҵам ахарадҵарақәа иааҧҵәаны мап рыцәкны, ирықәыӡбоит. Аларҵәара зауз адезинформациа ақырҭуа-германтәылатәи еизыҟазаашьақәа ирҧырхагоуп, уи даараӡа ҳаргәамҵуеит. Ҳара Германтәыла ацҳаражәҳәаҩ иганахьала  «Ақырҭуа гәахәтәы» рагрессиатә риторика ҳақәыӡбоит. Қырҭтәыла иҟоу Германтәыла ацҳаражәҳәаҩ афедеративтә аиҳабыра рпозициа ааирҧшуеит. Германтәыла даҽазнык Қырҭтәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟанаҵоит  Евроеидгылеи Германтәылеи рполитикеи рпозициеи  иадҳәаланы имцырку аинформациа аларҵәара иаҟәыҵны, уажәтәи аполитикатә хархарҭа рыҧсыхырц», — иануп Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.

Уаанӡа Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили  асоциалтә аҳаҿы иҩит Германтәыла ацҳаражәҳәаҩ аҳәамҭа аналаирҵәоз аамҭазы, иара адгылара ззаирҧшыз ауаа, афашисттә лозунгқәа рыла, Қарҭ «Ақырҭуа гәахәтәы» алхратә штаб ишажәылаз.