Евроеидгыла ахаҭарнакра - 2025 шықәсазы имҩаҧгаз есышықәсатәи аҭҵаарақәа даҽазнык ишьақәдырҕәҕәеит Қырҭтәыла ауааҧсыра реиҳара Евроеидгыла алалара шырҭаху
«2025 шықәсазы имҩаҧгаз есышықәсатәи аҭҵаарақәа даҽазнык ишьақәдырҕәҕәеит Қырҭтәыла ауааҧсыра реиҳара Евроеидгыла алалара шырҭаху», – ари атәы иануп Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ахаҭарнакра иаланарҵәаз аинформациаҿы.
Аҭҵаарақәа инрықәыршәаны, ареферендум иахьа имҩаҧгазҭгьы, 74% Евроеидгыла алалара иадгылон, 80% ргәаанагарала, уи атәыла хырҳагара ду азаанагоит.
«Евроеидгыла Қырҭтәылазы зегьы реиҳа игәрагоу партниорс иаанхоит, атәыла ауааҧсыра 67% ари аиҿкаара агәра ргоит. Қырҭтәыла ауааҧсыра Евроеидгыла алазаара иахәаҧшуеит аҭынчреи ашәарҭадареи еиқәзыршәо, рхәыҷқәа иаҳа еиҕьу аҧеиҧш рызҭо амҩа заҵәык аҳасабала», – иануп Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ахаҭарнакра аҳәамҭаҿы.