Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ шьақәирӷәӷәеит Украинаҿ евроинтеграциа иазкә ареформақәа заанаҵтәи ахәшьара рыҭара рашәаразы шиагаз
Украинаҿ евроинтеграциа иазкә ареформақәа заанаҵтәи ахәшьара рыҭара рашәаразы иаган, – ааицҳаит Украина иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ.
Ацҳаражәҳәаҩ иажәақәа рыла, сынтәа ҩжәахәк ирзыӡырҩроуп. Актәи ажәахә Украиназы Евроеидгыла арҭаз арекомендациақәа рынагӡара ҿырҳәалатәи ахәшьараҭароуп, ҭагалан азы Евроеидгыла арҭбаара аполитика иазку ажәахә Украина иазкхоит.
“Аха рашәаразы иҟало ҿырҳәалатәи ажәахә аҵак ҷыда амоуп”, – иҳәеит Украина иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ. Маасикас ишазгәеиҭаз, Украина ирдыруеит Евроеидгыла арекомендациақәа шынагӡатәу.
Уаанӡа аихқәа рҿы аларҵәара зауз адыррақәа рыла, Украинеи, Қырҭтәылеи, Молдовеи рпрогресс иазку ажәахәқәа Еврокомиссиаҿ ааԥын анҵәамҭазы цәырыргар акәын.