Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ аиҳабыреи аоппозициеи реиқәшаҳаҭхара алшара далацәажәоит
Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ аиҳабыреи аоппозициеи реиқәшаҳаҭхара алшара далацәажәоит

«Аиқәшаҳаҭхара алшара иҟоуп, уи абзоурала, апарламент алахәылацәа иаҳа ирацәахар ауеит», — иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳарцель.

«Аиқәшаҳаҭхара алшара иҟоуп, уи абзоурала, апарламент алахәылацәа иаҳа ирацәахар ауеит. Ус ҟалар, даараӡа ибзиахон. Аха, уи рзыҟамҵар, апартиақәа зегьы, аиҳабырагьы аоппозициагьы, насгьы ақырҭуа жәларгьы ҧырхага роуеит», — иҳәеит Карл Ҳарцель.