Евроеидгыла алидерцәа иахьа Румынтәыла еизоит
Евроеидгыла алидерцәа иахьа Румынтәыла еизоит

Евроеидгыла алидерцәа иахьа Румынтәыла еизоит . Сибиу ақалақь аҿы имҩаҧысраны иҟоу асаммит аҿы европатәи аполитикцәа Европарламент алхрақәеи  Евроеидгыла  2019-2024 шықәсқәа рзтәи аплани иалацәажәоит.

Алидерцәа Сибиустәи адекларациа рыдыркылараны иҟоуп.  Евроеидгыла ахеилак ахада  Дональд Туск ишиҳәаз ала,  адокумент акзаара апринцип ашьаҭала ирыдыркылароуп.

Сибиустәи асаммитнӡа Евроеидгыла ахада Жан Клод Иункер Евроеидгыла аҿы ахыхьчареи ашәарҭадареи рырҕәҕәара аинициативала дықәгылеит. 

Уи адагьы, Евроеидгыла алидерцәа Ирантәи  „Атомтә еиқәшаҳаҭра“ азҵаарагьы иалацәажәоит.