Евроеидгыла алидерцәа Босниа-Герцеговинаҟны аиҿкаара алалара иазку аиҿцәажәарақәа рлагаразы еиқәшаҳаҭхеит
Евроеидгыла алидерцәа Босниа-Герцеговинаҟны аиҿкаара алалара иазку аиҿцәажәарақәа рлагаразы еиқәшаҳаҭхеит

Евроеидгыла алидерцәа Босниа-Герцеговинаҟны аиҿкаара алалара иазку аиҿцәажәарақәа рлагаразы еиқәшаҳаҭхеит. Ари атәы асоциалтә каҭаҿы ааицҳаит Европа ахеилак ахада Шарль Мишель.

“Европа ахеилак аӡбара аднакылеит Босниа-Герцеговинаҟны аиҿкаара алалара иазку аиҿцәажәарақәа рлагара иазкны. Шәҭыԥ европатәи ҳҭаацәараҿ ыҟоуп. Иахьатәи аӡбара ԥхьаҟа иҟаҵоу шьаҿа хадоуп2, – иҩит Шарль Мишель.

Европа ахеилак ахада ишазгәеиҭаз, атәыла иҭышәынтәылоу аҿиаразы аус нагӡатәуп.