Евроеидгыла Украина ацхыраара аҳасабла 50 миллиард евро азалхра азҵаара аднакылеит
Евроеидгыла Украина ацхыраара аҳасабла 50 миллиард евро азалхра азҵаара аднакылеит

Евроеидгыла Украина ацхыраара аҳасабла 50 миллиард евро азалхра азҵаара аднакылеит. Ари атәы ааицҳаит Европа ахеилак ахада Шарль Мишель.

Киев ацхыраара азалхра иадгылеит 27 алахәыла-тәылақәа рхаҭарнакцәа.

Уаанӡа аларҵәара зауз адыррақәа рыла, Украина 50 миллиард азалхра даҿагылон Венгриа аԥыза-министр.