Ергнеҭи имҩаҧысит  Аинцидентқәа рпревенциеи рықәҿыҭра амеханизми азы агәыҧ аиҧылара
Ергнеҭи имҩаҧысит  Аинцидентқәа рпревенциеи рықәҿыҭра амеханизми азы агәыҧ аиҧылара

 

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аналитикатә департамент адиректор ихаҭыҧуаҩ  Иракли Анҭаӡе иҳәамҭала, Ергнеҭи имҩаҧгаз аиҧылараҿы ацентртә напхгара ахаҭарнакцәа азакәандаратә  «бордеризациа» азҵаара иалацәажәан,  закәандарала иаанкылоу Қырҭтәыла атәылауаа рхақәиҭтәра иаҳәеит.

Иракли  Анҭадзе иажәақәа рыла, аиҧылараҿы иара убас иазааҭгылеит  закәандарала Аҧсны иаанкылоу Иракли Бебуа изҵаарагьы.  Генади Бестаев ихақәиҭтәра иазкыз аиҿцәажәарақәа алҵшәа рхылымҵит. Ауаҧсаа Бестаев ихақәиҭтәразы мап ркит.

«Закәандарала иаанкылоу Қырҭтәыла атәылауаа зегьы рхақәиҭтәра азықәҧара наҳагӡоит.  Ҳара агуманитартә зҵаарақәагьы ҳрылацәажәеит.  Амедицинатә маҵзура аганахьала ицәгьамкәа аус еицаауеит,  импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҟынтә ачымазаҩцәа риагара аганахьала усҟак апроблемақәа иҟам», — иҳәеит Иракли Анҭаӡе.

Иара ишиҳәаз ала, ақырҭуа аган  агәаҭара-аужьҭратә пункт  «Ахалгори» аартра азҵаа еиҭақәдыргылеит.