Ентони Блинкен  иҳәамҭала,  Қарҭ Шәамахьтәылеи Азербаиџьани рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа реиҧылара иҵоуроу шьаҿоуп
Ентони Блинкен  иҳәамҭала,  Қарҭ Шәамахьтәылеи Азербаиџьани рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа реиҧылара иҵоуроу шьаҿоуп

Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ   Ентони Блинкен  иҳәамҭала,  Қарҭ Шәамахьтәылеи Азербаиџьани рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа реиҧылара иҵоуроу шьаҿоуп.  Иара ари атәы иҩит асоциалтә аҳа  «Твиттер» аҿы.

«Азербаиџьан адәныҟатәи аусқәа рминистр  Џьеихун Баирамови Шәамахьтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр  Арарат Мирзоиани  Қарҭ реиҧыларала иҵоуроу ашьаҿа ҟарҵеит. Ишиашо адиалог  —  Азербаиџьани Шәамахьтәылеи  реимак аҭыҧқәаразы  иреиҕьу хархәагоуп», — иҩит аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкен  Twitter аҿы.