Ентони Блинкен – Иаҭаххар, Америка Украина иаҳа ирацәаны абџьар аҭара иазыхиоуп
Ентони Блинкен – Иаҭаххар, Америка Украина иаҳа ирацәаны абџьар аҭара иазыхиоуп

«Иаҭаххар, Америка Украина иаҳа ирацәаны абџьар аҭара иазыхиоуп», — иҳәеит Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкен  PBS аинтервиу аҿы.

Блинкен иҳәамҭала,  аибашьра раҧхьатәи амш инаркны Америка активла аус ауеит Украина урыстәылатәи агрессиа аҿагыларазы иаҭаху зегьы амазаарц азыҳәан.

«Проблемақәак рымазар, абџьар рзымхозар, иҳарҳәоит, ҳара иҳалшо ала ҳрыцхраауеит», — иҳәеит  Блинкен.

Иацы Украина ахада Владимир Зеленски иҳәеит аконтржәылара алагаразы иҵегьы аамҭа шырҭаху. Иара иажәақәа рыла, аибашьратә бригадақәа имазеиуп, аха арбџьармчқәа акәылӡтехника рҭахуп.