Еммануель Макрон – Украина НАТО изаламлар ҟалап
Еммануель Макрон – Украина НАТО изаламлар ҟалап

 

Франциа ахада Еммануель Макрон  ишиҳәаз ала,   Украина НАТО изаламлар ҟалап. Франциа ахада ари ҳәамҭа ҟаиҵеит афранцыз АИХ аинтервиу анриҭоз.

Афранцыз ҭыжьымҭа  Le Figaro аинформациала, Урыстәыла НАТО ашҟа Украина алалара иахәаҧшуеит Урыстәыла аҿагылара ҳасабала,  убри аҟынтә,  уи зыҟалом ҳәа игәы иаанагоит.

«Украина НАТО иалалоу иаламлоу зегьы дара роуп,  ари атәыла хымҧада ашәарҭадара агарантиақәа аҭатәуп», — иҳәеит Франциа ахада.

Иара убас,  Макрон ишиҳәаз ала,   Европа НАТО аҟынтә ахьыҧшызаара еиҵнатәароуп,  ахатә стратегиатә автономиа еиҭахәаҧшроуп.

«Европа ашәарҭадара архиатектура Европа аҩныҵҟатәи автономиеи НАТО аус ацуреи ада изыҟалом. Аха,  НАТО иахьыҧшны акәымкәа, Алианс аҟны аусеицура ала.   Ҳара ҳстратегиатә автономика ҳаиҭахәаҧшроуп. Европа атехнологиатәи аенергетикатәи автономиа аиуроуп,  Америка аҟынтәгьы», — иҳәеит  Макрон.

Аинтервиу аҿы  Макрон ишазгәеиҭаз ала,  аибашьра ахыркәшара апроцесс аан  Украина ашәарҭадара агарантиақәа аҭатәуп,  аха,  Урыстәылагьы абри аҩызаҵәҟьа агарантиақәа амазароуп.