Елисетәи ахан  – Макрон Иванишвили даницәажәоз,  адемонстрантцәеи ажурналистцәеи рганахьала амчылара  дақәыӡбан, апартиақәа рхаҭарнакцәеи атәылауаҩратә уаажәларреи рҟны адиалог амҩаҧгаразы ааҧхьара ҟаиҵеит

Елисеитәи ахан Франциа ахада Еммануел  Макрони  «Ақырҭуа гәахәтәы» аҳаҭыртә напхгаҩы  Биӡина  Иванишвилии реиҿцәажәара иазку аинформациа аланарҵәеит.

Елисеитәи ахан аинформациа ишану ала, аҭелтә аиҿцәажәара мҩаҧган Франциа ахада иинициативала.

«Макрон  атәылауаҩратә уаажәларреи аоппозициеи рыршәареи, иара убас, азинхьчаратә органқәа рыла адемонстрантцәеи ажурналистцәеи рганахьала амчылареи дақәыӡбит.

Макрон даҽазнык агәынамӡара ааирҧшит Қырҭтәыла европатәи амҩа иахьаныҵыз азы, иара ишиҳәаз ала, агәра ганы дыҟоуп Евроеидгылеи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа анеҩстәи ахырхарҭа ишахьыҧшызаауа.

Макрон ақырҭуа жәлар ревропатәии рдемократиатәи  ҽазышәарақәа инрықәырәшаны аполитикатә партиақәеи атәылауаҩратә уаажәларреи рхаҭарнакцәа рҟны аинклиузивтә диалог амҩаҧгаразы ааҧхьара ҟаиҵеит», — иануп Елисеитәи ахан аинформациаҿы.